Аветеран Қапба: Аиааира Ду амш Венгриа саԥылеит, схәын, сшьапқәа срықәгыло сыҟамызт
Гәдоуҭа араион Џьырхәа акыҭан инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Дараҭиа Қапба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит 1945 шықәсазы Аиааира ду дахьаԥылаз.