Аџьба еиҭеиҳәеит Аҷандара ақыҭа инхо иаҳа ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы
Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа ахада Мурадин Аџьба арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит иахьатәи ақыҭа абзазашьа.
Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа ахада Мурадин Аџьба арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит иахьатәи ақыҭа абзазашьа.
Аҟәа ақалақь аҵара аҟәша аиҳабы лнапынҵақәа назыгӡо Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷқәа ашколтә программа иахьӡартә еиԥш иҟаҵахо, насгьы ахәыҷбаҳчақәа русура хацдыркаанӡа ахыбрақәа рҿы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы.
Лаҵара 15 азтәи адыррақәа рыла, Аԥсны коронавирус змоу 14-ҩык ыҟоуп, урҭ руаӡәк ахәышәтәырҭа дылрыҩаауеит.
Исидор Дочиа Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа ихьӡ ҳәан лаҵара 12 рзы.
Аҟәатәи "Аиҭар" аҿы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟынтәи 211-ҩык акурсантцәа акарантин иахысуеит. Лаҵарамза 14 аҽны аҩныҟа иоушьҭын раԥхьаӡа иааз ааҩык акурсантцәа, дара ркарантин хыркәшахеит.
Акоронавирустә инфекциа апандемиа иахырҟьаны Урыстәыла аҳәаақәа атуристцәа рахысразы иаркуп.
Ашьхааӡаҩ, ақыҭанхамҩатә академиа аушьҭымҭа Дмитри Кокосқьериа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашьхааӡара ишазнеитәу, насгьы лаҵарамзазтәи ацха аԥшра ианалаго атәы.
Гәылрыԥшь араион ахадара аколлективи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара лаҵара 15 рзы мҩаԥысит.
Ауаажəлааратəи аҳəынҭқарратəи усзуҩ, "Ахьӡ-Аҧша" аорден ахҧатəи аҩаӡара занашьоу, иналукааша ажурналист, апублицист Владимир Николаи-иҧа Қапба 72 шықəса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит. Иара гəыблыла дыргəаладыршəоит аус ицызуаз иколлегацәа, дыздыруаз ауаа.
Урыстәылантәи аҩныҟа ихынҳәыз ааҩык акурсантцәа акарантин рхыганы иоурышьҭит лаҵарамза 14 аҽны.
Астандартқәеи аенергетикатәи атехникатәи хылаԥшреи рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Гарри Саманба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акарантин аамҭазы напхгара зиҭо аилак аусзуҩцәа ахылаԥшратә усқәа шеиҿыркааз, афатә аалыҵқәа зҭиуа ракәзар, аԥҟарақәа иахьынӡарықәныҟәо.
Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ахада инапынҵақәа назыгӡои Гәдоуҭа араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡои рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар аусдҵа инапы аҵаиҩит.
Апрокуратура хада ақәшаҳаҭым Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбра, иагәҭакуп хымш рыҩныҵҟа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиахь аӡбамҭа нанашьҭырц.
Аспектакль "Ҳаџьы-Мураҭ" алкаауп урыстәылатәи аинформациатә ресурсқәа рҟны арбаразы, хаҭала ателеканал Культура асаит аҿи, Урыстәыла Акультура аминистрра асаит апроект "Большие гастроли" аҿи.
Иахьазы асасааирҭа "Аиҭар" аҿы акарантин рхыргоит 210-ҩык акурсантцәа. Зынӡа Аԥсныҟа ихынҳәит Урыстәылатәи арратә ҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәа 232.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.