Аслан Бжьаниа рашәарамзанӡа ԥкырақәак шыҟоу иаанижьуеит
Лаҵара 15 инаркны азин ыҟоуп анормақәа ирықәныҟәаны акаҳуажәырҭақәа русура, ихацыркхоит ақалақьбжьаратә транспорт аныҟәара.
Лаҵара 15 инаркны азин ыҟоуп анормақәа ирықәныҟәаны акаҳуажәырҭақәа русура, ихацыркхоит ақалақьбжьаратә транспорт аныҟәара.
Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан аџьем ҭзыжьуа ахатә наплакы аԥшәмацәа руаӡәк Алиса Пандалионԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иарбан хкқәоу иҭрыжьуа, насгьы ачымазара ҿкы аламырҵәаразы аԥкрақәа раалыҵ аҭира ишаныԥшуа атәы.
Акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп Урыстәылантәи ихынҳәыз астуденти Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база амаҵурауаҩи.
Алада урыстәылатәи Апарламенттә Ассамблеиа алахәылацәа авидеоконференциа аформат ала реилатәара мҩаԥысуан лаҵара 14-15 рзы.
Гәылрыԥшь араион Дранда иҟоу аҵыҵындрааӡарҭа аиҳабацәа руаӡәк Баҭал Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аҵыҵындра сынтәатәи аҽаҩра зеиԥшроу атәы.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку афотоцәыргақәҵа "Владислав. Иацы. Иахьа. Уаҵәы" аартын Гәдоуҭа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҿы лаҵара 14 рзы.
Аҟәа аамҭала аӡаанкылара аӡымҩангагақәа рремонтҟаҵара иахҟьоит. Лаҵара 15 асааҭ акы инаркны асааҭ жәаа рҟынӡа аӡы аанкылахоит.
Акоронавирус жәларбжьаратәи апандемиа ауаа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵра адагьы иԥнакит аашьҭымҭақәа раагара аграфик.
Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ ду, Аԥсны Афырхаҵа Владислав Арӡынба диижьҭеи иахьа 75 шықәса ҵит. Аԥсны Раԥхьатәи ахада идҳәалоу игәалашәарақәа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит имашьынаныҟәцаҩ Оҭар (Ҷыҷкәа) Адлеиба.
Владислав Арӡынба диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку аиубилеитә уснагӡатәқәа разырхиареи рымҩаԥгареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥган лаҵара 12 рзы.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik арккаратә программа SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны лаҵара 15 асааҭ 13:00 рзы имҩаԥнагоит авебинар абри атемала: "Право на фото: как проиллюстрировать материалы и не нарваться на суды. 10 основных проблем".
Ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аԥышәарақәа шеиҿкаахо, зҵара хзыркәшаз рыхәшьарақәа шалкаахо, аусура ахәыҷбаҳчақәа аусура ианалаго, иара убас иалахьынҵозеи адистанциатә ҵара - абри атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Какоба.
Ацҳа аиҭашьақәыргылара ҩымз рҟынӡа иадхалеит, ахәԥса ф-миллионк артәеит. Аԥарақәа атәыла ахада ирезервтә фонд аҟынтәи иазоушьҭын.
Аҟәа ақалақь аҿы амҩатә машәыр ҟалеит асааҭ 20:30 рзы. Аҭыԥ ахь иаразнак инеит Ацхыраара ласы амашьына.
Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ, аетнолог Марина Барцыцԥҳа 2008 шықәсазы дрыҿцәажәеит Аԥсны апатриотцәа иашақәа, ҳҵарауаа - Екатерина Шьаҟрылԥҳаи Борис Гәыргәлиеи. Урҭ Владислав Арӡынба иԥсадгьыли ижәлари рзы илшаз азы ирымаз агәаанагара иахьа иҳадылгалоит.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.