Акоронавирус злоу ҳәа ҿыц аӡәгьы даарԥшым: игәаҭоуп даҽа 46-ҩык ауааԥсыра
Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 25-ҩык акоронавирус рыхьхьеит.
Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 25-ҩык акоронавирус рыхьхьеит.
Тҟәарчал араион ақыҭа Тҟәарчал анхаҩы Цим Аргәын арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ашьхаҟа ацара иара изы ҵакыс иамоу.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа лаҵара 20 рзы Астатистиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Кама Гогьиаԥҳа длыдылкылеит.
Аҟәа, Ажәанба имҩа №9, Урыстәыла аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәқәа ахьрырҭои атәылауаҩра ахьроуеи аконсультациатә пункт аҿы ауаа агәаран иқәгылоуп, аха аҩаша, ахаша уи маҷк еиҵахеит.
Аԥсны ахада иусԥҟа инақәыршәаны Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа рынагӡараҩыс даҭоуп Баграт Боџьгәуа. Уи аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Руслан Ладариа. Баграт Боџьгәуа 2005 шықәса раахыс Гәдоуҭа араион ахадара асоциалтә еиқәыршәара аҟәша аиҳабыс аус иуан.
Апандемиа аамҭазы асасааирҭақәа рҿы аҭыԥҿаҵарақәа мҩаԥысуеит онлаин-режим ала, урҭ реиҳарак заанаҵтәи аԥарашәара азԥхьагәарҭом.
Ашьаусҭҵаара фигурантс иазыҟалаз амилиционер аамҭала абаандаҩцәа раанкыларҭаҟны алеитенант еиҳабы ичын имоуп.
Апоет, адраматург Валери Касланӡиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Рауль Лашәриа поетк иаҳасабала ибжьы егьырҭ аԥсуа поетцәа ишрыламҩашьоз.
Аахыҵ Уаԥстәыла иахьаҵанакуа аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп, Зартәи амҩаҿы аҭынч уааԥсыра ахьындырҵәаз аҭыԥ аҿы игылоу абаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, имҩаԥгахоит амитинг.
Аԥсуа поет, аиҭагаҩ, апублицист, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Рауль Лашәриа диижьҭеи 75 шықәса ҵит. Уи ихаҭара, ибаҩхатәра, иҟазшьа аҷыдарақәа ртәы дазааҭгылоит алитератураҭҵааҩы, Рауль Лашәриа дааигәаны дыздыруаз, акыр шықәса аус ицзухьаз Руслан Қапба.
Мшаԥымза аахыс Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа рыхьхьеит ҳәа ишьақәыргылоуп 26-ҩык ҳтәылауаа.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа хацыркын хәажәкыра 28 рзы.
Ақыҭанхамҩа аминистрра амеханизациа аиҳабы Мурман Џьонуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит амхқәа рыцәаӷәара аус шцо, анхацәа ацхыраара рыҭаразы иахьынӡеиқәшәо атәы.
Ацәгьоура бааԥс ҟаиҵеит ҳәа агәызҩара ззыҟаз ауаҩы иаҳхысыз ашықәс аахыс ишьҭан. Уажәы иара ауаҩы аамҭалатәи иԥхьакырҭаҿы дыҟоуп.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциазы агәаҭарақәа ирхысит 90-ҩык ауааԥсыра. Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 26-ҩык COVID-19 рыхьхьеит.
Есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥхьаҩцәа реиндаҭлара "Живая классика" иалахәуп адунеи атәылақәа 80 рҟынтәи ашколхәыҷқәа. Аԥснынтәи уи рҽаладырхәит хҩык аԥхьаҩцәа.
Заал Хәарцкьиа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахуеит Владимир Арлан.
Каманҟа ицо амҩа еиҭашьақәдыргылоит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.