Ԥшьҩык Аԥсны атәылауаа акоронавирус рыдбалоуп
Аоперативтә штаб адыррақәа рыла, ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус азы агәаҭара иахысит 33-ҩык ауаа.
Аоперативтә штаб адыррақәа рыла, ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны акоронавирус азы агәаҭара иахысит 33-ҩык ауаа.
Аҟәа аџьармыкьа хада анапхгара аџьармыкьа аусура ҳәа ишьақәдырӷәӷәеит ахәаша - амҽыша, асааҭ 6:00 - 16:00 рзы.
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҳәынҭқарратә музеи афонд аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа Sputnik апроект "Афронт ахьӡынҵа" азы еиҭалҳәеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду иалахәыз лаб Шаликәа Муса-иԥа Џьыкырба иҭоурых/
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра аныҳәатә уснагӡатәқәа Аԥсны иԥкуп акоронавирус аламырҵәара инадҳәаланы.
Ҷлоу ақыҭа иалҵыз Сардион Ҵәыџь иашьцәеи иареи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын. Урҭ рҭоурых атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Сардион иԥҳа Белла Ҵәыџьԥҳа.
Аслан Бжьаниа инапынҵала, Аиааира амш аҽны асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны аветеранцәа ирҭаараны иҟоуп Аԥсны анапхгара рхаҭарнакцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа.
2014 шықәса раахыс аҳҭнықалақь аҵара аусбарҭа аиҳабыс аус луан Лиудмила Адлеиаԥҳа.
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы Аџьынџьтәылатә еибшьар ду аветеранцәа дрыдныҳәалеит, еиҭеиҳәеит аҭоурых аиқәырхара ҵакыс иамоу.
Аиҿкаара "Ҳара ҳаидгылоуп" алахәылацәа еизыргаз аԥарала Аԥсныҟа иаашьҭуп агуманитартә цхыраагӡа апартиа ҿыц.
Аԥсны атәылауаҩ Беслан Бганба 2019 шықәса абҵара 22 рзы Асҭамур Шамбеи, Алхас Аҩӡбеи, Доминика Ақырҭааԥҳаи рышьра далахәуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Кәтол ақыҭантә еибашьра ицаз Џьансыхә Ҵнариа иеибашьратә мҩа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иҭаца Наала Ҳашыгԥҳа.
Сынтәа акоронавирус апандемиа иахырҟьаны Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра амшныҳәа арыцхә инахоуп.
Зажəеи зуси еимадаз Заур Џьота-иҧа Арӡынба иахьа ихыҵуазаарын 70 шықəса. Игəалашəара лаша аҳаҭыр азы иара дызнысыз иҧсҭазааратə мҩа, иуаҩра, иҟазшьа аҷыдарақəа дырзааҭгылоит иҩыза бзиа, актиор Кьасоу Ҳагба.
Анхәа ақыҭан инхоз Лазба Ибырҳам иԥацәа хәҩык Аџьынџьтәылатә еибашьрахьы ицеит. Урҭ рахьынтә ихынҳәыз аӡәы заҵәык - Шамил иԥха Лиудмила Лазԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лаби лаб иашьцәеи рҭоурых.
Лаҵара 15 рҟынӡа Аԥсны асасааирҭақәа, аԥсшьарҭақәа, асанаториақәа рҟны заанаҵтәи аҭыԥҿаҵара ҟалом иара убасгьы иҟалом аекскурсиақәа рымҩаԥгара.
Аҭааҩцәа рахь аҳәара ҟаҵоуп асабардақәа рҿазарц, анапҭырԥақәа рымӷазарц акоронавирус алаҵәара ашәарҭара иахырҟьаны.
Атәылақәа ҩба рхадацәа Аԥсни Урыстәылеи инхо аветеранцәа ирзеиӷьаршьеит аҭынчра, агәабзиара, ашықәс рацәа, аманшәалара.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.