Аԥсны акоронавирус зыхьыз ауаа еиҭа иҟалеит
Ииасыз уахыки-ҽнаки рзы Аԥсны акоронавирустә инфекциа рымоу ирымаму азы атестқәа ирхыжьын 88-ҩык ауааԥсыра.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рзы Аԥсны акоронавирустә инфекциа рымоу ирымаму азы атестқәа ирхыжьын 88-ҩык ауааԥсыра.
Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Беслан Ешба Аԥсны коронавирус аламырҵәаразы ахада иусдҵа анагӡаразы лаҵара 18 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Ауаажәларратә усзуҩы, жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реизгаҩ, Жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәыла, Леон иорден занашьоу Мирод Гәажәба диижьҭеи иҵит 85 шықәса. Лили Ҳагԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы илҳәеит Мирод Гәажәба ԥсабарала илаз афилософиатә хәыцшьа змоу шҳагу.
Ареспублика СЕС адыррақәа рыла, 2020 шықәса мшаԥымзаахыс акоронавирустә инфекциа Аԥсны 21-ҩык ироухьеит.
COVID-19 аҿагыларазы аԥкратә уснагӡатәқәа рыхәҭак рашәара 1 аҟынӡа ирыцҵоуп Аԥсны иахьаҵанакуа. Убри аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳтәылахь атуристцәа ралалара, асанаториқәеи асасааирҭақәеи рҟны аҭыԥқәа раанкылара, аекскурсиамҩаԥгара ҟалом.
Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аҵараҵара хацыркхоит рашәарамза 2 рзы, уи мҩаԥыслоит ҩымчыбжьа рыҩнуҵҟа.
Лаҵара 18 Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш ауп. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акультуратә хәышҭаара аусураҟны ихадаратәны ииԥхьаӡо, уи ҭыԥс иааннакыло аҳәынҭқарраҟны.
Лаҵара 12 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит 2014 шықәса раахыс Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс иҟаз Зураб Марганиа.
Аԥсны АҶА ахь лаҵара 17 асааҭ 20:48 рзы аҭел иасит амцакра ҟалеит ҳәа. Амца ибылуаз аҩнаҟынтәи егьырҭ аҩнқәа рахь ииасыр алшон.
Гал араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа ахәаҷа-маҷа анырҵәаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Аԥсуа жәлар рхақәиҭра азықәԥаҩ, Аԥсадгьыл ахьчаҩ, ҳмилаҭ рҿахәҳәаҩы, ҳҭоурых аӡыргаҩ Мирод Самԥал-иԥа Гәажәба диижьҭеи 85 шықәса ҵит. Игәалашәара лаша аҳаҭыр азы ҳрыҿцәажәеит Мирод Гәажәба ҷыдала дыздыруаз, изааигәаз Фениа Аҩӡԥҳаи Гәыгәыца Џьыкырԥҳаи.
Асабша, лаҵара 16 рзы акоронавирус шрымаз шьақәдырӷәӷәеит даҽа хҩык ҳтәылауаа, урҭ рҟынтәи ҩыџьа лаҵара 5 рзы Шәачантәи иааит.
Асоциалтә ҳақәа рҟны Александр Цәеиба ҳәа аӡәы аинформациа алаирҵәеит иара акоронавирус зыхьны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоу апациент иакәушәа.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аштаб алахәыла, Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит ачымазара ҿкы аҽацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа рыхәҭак аԥыхра макьана изаацәан ҳәа аамҭа ишунарбо.
Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахеит, лаҵара 15 инаркны иаԥыхын ԥкырақәак, иҟоуп рашәара 1 аҟынӡа изнахоугьы.
Адунеи аҿы акоронавирустә пандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 20-ҩык ари ачымазара ҿкы рыхьхьеит.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.