Асабрада рхыхуп: ҳауаажәлар Аԥсны иалагалаз аԥкрақәа рыхәҭак аԥыхра шрыдыркылаз
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусдҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы ԥкырақәак шыҟоу иааныжьзарц.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусдҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы ԥкырақәак шыҟоу иааныжьзарц.
Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит анхацәа ҩ-напыкала адгьыл ақәаарыхра ишаҿу, иазгәеиҭеит сынтәа ауҭраҭых аҽаҩра шыбзиахаз.
Лаҵара 15 инаркны азин ыҟоуп аԥҟарақәа ирықәныҟәаны акаҳуажәырҭақәа русура, убасгьы ихацыркхоит ақалақьбжьаратә транспорт аныҟәара.
Баграт Боџьгәа ари аҭыԥ аҿы диԥсахит Руслана Ладариа. Абри азы аусдҵа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада.
62 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит ахәыҷтәы музыкатә гәыԥ Каданс анапхгаҩы Александр Алавердиан. Иара ибзианы дыздыруаз, аус ицызуаз амузыкант Ҭемыр Сымсым арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит ахәыҷқәа рымаршәа кны рызнеишьа дшақәшәоз атәы.
Уажәазы Аҟәа ақалақь ахада хҩык ахаҭыԥуаа имоуп, уаанӡа арҭ аҭыԥқәа рахь иалхын Леон Кәарҷиеи Асҭамыр Ашәбеи.
Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа рыцхраара аҳәаақәа ирҭагӡаз актәи агуманитартә партиа иаҵанакуан ҩажәа нызқь цыра рҟынӡа хаҭалатәи ахыхьчагақәа.
Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо иусдҵа ишықәныҟәо иахылаԥшлоит акоммуналтә усбарҭа.
Аԥсны АҶА акурорттә аамҭа иадҳәалоу аҽазыҟаҵара иазку аиԥылараҿы зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭавтоинспекциа дҵас иаҭан аӡаҿы аиқәырхара хылаԥшра аҭара дырӷәӷәарцаз, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы амаҵзура аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.
Абыржәтәи аамҭазы Аҟәатәи асасааирҭаҿы иҟоуп 187-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә 138-ҩык арратә курсантцәоуп, 37-ҩык – ААР аганахьала иҭоу акурсантцәа роуп, аӡәы – Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура курсантк, нас жәаҩык амедикцәа.
Аԥсԥны АҶА ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵоит абџьари аџьаԥҳани збо урҭ ирыламкьысырц, реиҵыхразы аҟазауаа адырра рырҭаларц.
Абылтәыҭирҭатә еилахәырақәа иазыԥхьагәарҭаӡом аалыҵ ахә ахьынӡалаҟәу аамҭа.
Дмитри Дбар инарҭбаау аилатәараҿы идирдырит ихаҭыԥуаа хҩыки, атәылауҩшәҟәқәа рыҭара аиҳаби, Гәылрыԥшь араионтә ҟәша аиҳаби.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ҳтәылаҟны анкьа мҽхакы ҭбаала иаадрыхуаз ачаи ахаҭабзиара шыҟаз, иахьазы аарыхра феида алоу иаламу азы игәаанагара.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи аусутә еиԥылара мҩаԥыргеит лаҵара 18 рзы.
Аԥсны АҶА амедицинатә бригада аԥсуа-аурыс ҳәааҿы уахи-ҽни иҷаԥшьоит ареспубликахь иаауа рхылаԥшразы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.