Амҷба еиҭеиҳәеит Очамчыра араион анапхгаҩ иаҳасабала игәҭакқәа ртәы
Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Станислав Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амҵура ҿыц аҿы инапы злеикырц игәы иҭақәоу ртәы.
Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Станислав Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амҵура ҿыц аҿы инапы злеикырц игәы иҭақәоу ртәы.
Амҽыша лаҵара 31 рзы гәыԥҩык аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа раԥшьгарала Аҟәатәи ашьхаҿы имҩаԥысуеит ахҵәара ду иақәшәаз ҳауаажәлар рыԥсҿыхразы аныҳәара. Абри аныҳәара аидеиа шцәырҵыз, изызцәырҵыз, насгьы иадгылаз ртәы еилылкааит афольклорист, Sputnik аколумнист Есма Ҭодуа.
Аррахь ааԥхьаратә комиссиа амедицинатә ҟәша ахада Аслан Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аррамаҵзура иахысуа арԥарацәа абаҩрҵәыреи аспорти шрыгу атәы.
Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит рашәара 12 рзы аокругқәа ԥшьба рҿы: Кындыӷтәи, Гәдоуҭатәи, Бзыԥтәи, Оҭҳаратәи.
Есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥхьаҩцәа рконкурс "Живая классика" рхы аладырхәит 80 тәыла рҟынтә ашколхәыҷқәа.
Аԥсны қалақьцыԥхьаӡа, қыҭацыԥхьаӡа, ҳаблацԥхьаӡа зхатә ҭоурых змам ыҟам. 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы зыргылара иалагаз, анаҩс аԥсҭазаара ахьеилашуаз Бзыԥҭа аҳабла иатәу Асԥа аӡбахә еиҭеиҳәеит 87 шықәса зхыҵуа аиланхарҭа аргылара иалахәыз аҭыԥантәи анхаҩы Ражден Барцыц.
Зыԥсадгьыли зыуаажәлари рахь имоу абзиабара зҩымҭақәа рыла иаазырԥшуа, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Шьинаси Ҭраԥшь игәҭахәыцрақәа шәрыԥхьарц шәылшоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.
Алексеи Аҩардан Арратә прокурор ихаҭыԥуаҩыс дахьыҟаз аҟынтәи ихы дақәиҭтәны аҽа усурак ахь диагоуп.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.