Ҳахгьы ҳахьчарц, ҽаӡәгьы ҳиеиҷаҳарц: акоронавирус иаҳзаанагаз ашьцылара
Адунеи зегь зымҽхазкыз акоронавирус апандемиа Аԥсны аҿагылоижьҭеи шықәсыбжак еиҳауп. Атәылаҿы уажәы-уажәы еиуеиԥшым аԥкрақәа аларгалалоит. Аԥсны иқәынхои уи асасцәеи ирабжьыргоит ауаа рахь ианцәырҵуа асабрадақәа рҿарҵаларц.