Хәарцкьиа еиҭеиҳәеит Аҩада Ешыра анхацәа рнапы злаку атәы
Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭа ахада Наҭбеи Хәарцкьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы анхацәа рнапы злаку аусқәа ртәы, насгьы урҭ еиныргало ашәырқәа рҽаҩра зеиԥшроу.
Аҟәа араион Аҩада Ешыра ақыҭа ахада Наҭбеи Хәарцкьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы анхацәа рнапы злаку аусқәа ртәы, насгьы урҭ еиныргало ашәырқәа рҽаҩра зеиԥшроу.
Наџьнатә аԥсуаа ражәаҳәа иалаз, иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аарԥшразы рхы иадырхәоз ажәақәак Sputnik азы иаҳзеидылкылеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан жьҭаара 2 рзы ҿҳәарала жәамш ҳәа аҳәаахьчаҩ ииҭаз адҵа дахьақәымныҟәаз азы.
Тҟәарчалтәи Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи адиректор Нанули Матуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит амузеи аҿы иҵәыху Даур Гогәуа иҟәырҷаха аҭоурыхи, иара аибашьҩы ифырхаҵаратә мҩеи ртәы.
Аԥсуаа рдунеихәаԥшышьаҿы абга еиуеиԥшымкәа иазыҟоуп: ганкахьала – илашоу, ицқьоу, иԥшьоу ахаҿы аҳасабала, даҽа ганкахьала – амч лашьцақәа ныҟәызго. Иаҳа инарҭбааны ари азҵаатәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы акоронавирустә чымазара ҿкы зцәа иаланы иаарԥшу 2257-ҩык ауааԥсыра ыҟоуп.
Жьҭаарамза 11, 1992 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амцашыраан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак апрезидиум ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит Ақәҵара Атәылахьчара аминистрреи, Арбџьармчқәеи, Агенералтә штаби раԥҵаразы.
95 шықәса ҵит аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа аԥҵахеижьҭеи, анаҩс зышьаҭала Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә интститут ҟалаз. Аинститут аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит академиа аԥҵареи ахықәки ртәы.
Сынтәа 85 шықәса ҵит аԥсуа поет, ҳажәлар ринтересқәа ирзықәԥоз апатриот, ианаҭахыз иаҭахыз ажәа аҳәашьа иақәшәоз ауаҩы Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа диижьҭеи. Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҟәыҩҩы, апоет Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа иара изикит.
Жьҭаарамза 11, 1992 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак апрезидиум ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит Ақәҵара Агенералтә штаби Арбџьармчқәеи рминистрра аԥҵаразы. Ари амш Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәеи аԥсуа ари ирымшны иԥхьаӡоуп.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.