COVID-19 рзышьақәдырӷәӷәеит шәҩык Аԥсны атәылауаа, аӡәы иԥсҭазаара далҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3839-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1462-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 36-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3839-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1462-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 36-ҩык.
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба арадило Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны аӡы аҟымзаара ауадаҩрақәа зыхҟьо.
Зынӡа аԥсны иахьаҵанакуа арыԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа 38 аппарат ыҟоуп, урҭ рҟынтәи 25–Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы, 12 – Аҟәа амобилтә госпиталь аҿы, акы Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиникаҿ.
Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ахҳәаа азиуит Азербаџьани Ермантәылеи реибашьра инадҳәаланы аҵыхәтәантәи аамҭазы иалыршахаз агуманитартә еинышәара атәы.
Гәдоуҭа араион аҿы амхырҭақәа 1900 гектар адгьыл рыҵаркуеит.
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа – 3739-ҩык чмазцәахахьеит, ргәабзиара шьақәгылеит – 1462-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 35-ҩык.
Уаанӡатәи, хыԥхьаӡарала аԥшьбатәи, Аслан Бжьаниа Москваҟа иныҟәара хыркәшан 2020 шықәса цәыббра 14 рзы.
Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Азовтәи амшын аҟны атанкер аԥжәара Амшын Еиқәа ԥырхага ахьынӡанаҭо атәы.
Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылаоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.
Ауснагӡатә мҩаԥысуеит Кремльтәи ахан аҿы ихацыркыз аныҳәатә концерт ду ала ашәаҳәаҩ лиубилеитә шықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Адырраҭара "Шьыжьбзиа Аԥсынтәыла" амҩаԥгаҩ Камила Кирвалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит COVID-19 ахәышәтәраан Очамчыра араион аҿы ауааԥсыра ирԥыло ауадаҩрақәа ртәы.
Амҽыша, жьҭаара 25 рзы акомандақәа "Нарҭи" (Аҟәа) "Афони" (Афон Ҿыц) реиԥыларала имҩаԥысит ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҵыхәтәантәи ахәмарра.
Амобилтә госпиталь аара, Агәабзиарахьчара аминистрра ауснагӡатә ҿыцқәа, ақыҭанхамҩа ажәабжьқәа, ахада иааԥхьара –аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны амчыбжьтәи ажәабжьқәа.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.