Аԥсны 134-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3306-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1289-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 33-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3306-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 1289-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 33-ҩык.
Гагра араион Асычқәа ақыҭан иҟоу ацитрустә ааӡарҭа қьырала измоу Аркади Жьиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәырҵлақәа ишахәҭоу рааӡаразы ихымԥадатәны иҟоу.
Идырым ахаҿы жьҭаара 21 рзы Жәыргьыҭ абанк дақәлеит. Шасыс хҩык ауаа згаз ацәгьоуҩы итҟәацәа иманы иҽиӡаразы Аԥсныҟа амҩа дықәлеит ҳәа аарыцҳауеит АИХқәа.
Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны иазгәарҭахьеит 3172 коронавирус хҭыс. Ргәы бзиахеит 1278-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 32-ҩык.
Ашколхәыҷқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ҳаамҭазы аус рыдулашьа азнеишьақәа ирызкны Казань имҩаԥысуа аконференциа иалахәу Аҟәатәи ахәыҷбаҳча "Алашара" аиҳабы Мадина Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иззаҭгылаз азҵаарақәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрраҿы жьҭаара 21 рзы имҩаԥган аминистр Кристина Озганԥҳа лхантәаҩрала аусутә еилацәажәара аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рцифраркра азҵааразы.
Амшын еиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи 11 машьына рколонна Ҟрымынтәи Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит жьҭаара 19 рзы 800 километра иахысны.
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит акоронавирус ҿкы азы иахьазы атәылаҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Башкириатәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аординаторцәеи, аҳақьым-стажиорцәеи хымчыбжь инареиҳаны акоронавирус ахәышәтәразы Аԥснытәи аҳақьымцәа ирыцхраауан. Уажәы Башкириатәи аҳақьымцәа рцынхәрас Аԥсныҟа иааит Калининградтәи аобласти Москвеи рҟынтәи агәыԥ.
Уаанӡа Аԥсны аҳазалхратә Еилакы аҿы иазгәарҭахьан 2020 шықәсазтәи атауареикәыршара ииасыз ашықәс иаԥнагар шалшо аекспорт ицо тауарқәак реизҳаразы.
Аԥсуа –абаза конгресси жәларбжьаратәи аиҿкаара "Алашареи" еицымҩаԥыргоит аԥсуа-абаза жәлар иматериалтәым рҭынха иазку апроект "Амазара". Уи ахықәкы, изыдҳәалоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аконгресс аинформациатә портал аредактор Изольда Ҳагԥҳа.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы, амаҵзуратә уада 303 аҿы, Омар Мерцхәылаа иӷьычра далаҟьышьуп ҳәа агәаанагара зызрымаз Анзор Ҭарба иҿахәы шиҿырхуаз иԥсҭазаара далҵит.
Иҟоу дыррақәа рыла, Жәыргьыҭ абанк аҿы шасыс ауаа згаз ацәгьоуҩы итҟәацәа иманы иҽиӡаразы Аԥсныҟа амҩа дықәлеит .
Идырым ахаҿы Жәыргьыҭ агәаны Қырҭтәыла Абанк ахыбра бџьаршьҭыхла дыҩналаны ауаа шасыс игеит жьҭаара 21 рзы. АИХқәа рдыррақәа рыла, иара хҩык атҟәацәа иманы Аԥсны аганахь ддәықәлеит.
Идырым ахаҿы Жәыргьыҭ агәаны абанк аҿы ауаа шасыс игеит жьҭаара 21 рзы. АИХқәа рдыррақәа рыла, иара хҩык атҟәацәа иманы Аԥсны аганахь ддәықәлеит.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.