Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит жьҭаара 15 рзы
Аӡрыжәтә аанкылара мзызс иамоуп Аҟәа ақалақь аҿы Лакоба - Џьонуа рымҩақәа рҿы аӡымҩангага аԥсахра иахьаҿу.
Аӡрыжәтә аанкылара мзызс иамоуп Аҟәа ақалақь аҿы Лакоба - Џьонуа рымҩақәа рҿы аӡымҩангага аԥсахра иахьаҿу.
Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә коллеџь аҵараҟәша аиҳабы Ельвира Ҷкадуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит аколлеџь аҟны аҵара шеиҿкаау.
Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара зыхҟьаз, насгьы жьҭаара 15 инаркны Аԥсны иаларгало иназыцҵоу аԥкрақәа рықәныҟәара алзыршо уҳәа ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыхьит ҳәа ишьақәдыргылаз 2479-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 1100-ҩык, 23-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Апартиа "Амцахара" аҭак ҟанаҵеит аветерантә еиҿкаара "Аруаа" иахьатәи атәыла анапхгара аҿкчымазара алаҵәара аамҭазы акгьы ҟарымҵеит ҳәа ахара ахьрыдырҵо аҳәамҭа.
Жьҭаара 5 раахыс ареспубликаҿы авирус алаҵәара алмыршаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа алагалоуп. Жьҭаара 13 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аусдҵа инапы аҵаиҩит аԥкырацҵақәа ралагаларазы.
Жәҩанцәырҵрақәа - амреи амзеи, аԥсуаа жәатә аахыс изымҵаныҳәо, ирызкуп арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" анаҩстәи аҭыжьымҭа. Уи атәы еиҭалҳәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аиԥылара иалахәын Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәа Ахеилак ахаҭарнак ҷыда иофис аҿы аполитикатә абжьгаҩ Еммануель Анкетиль, ОБСЕ аполитикатә бжьагаҩ Готтфрид Ханне.
Хәажәкырамзаахыс Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы акарантин рылаҳәоуп, убри аан уи аԥҟарақәа ирықәныҟәаны ԥкырада апациентцәа рыдыркылоит.
COVID-19 аҟынтәи амедицинатә маҭәахәқәеи ахәшәқәеи Аԥсныҟа иаарышьҭыртә алшара шыҟалаз атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба.
Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа аԥшьгарала Аԥсныҟа иаашьҭуп аҿкчымазара аԥырҟəҟəааразы 300 нызқь доллар рыхə амедицинатə маругақəеи еиуеиԥшым ахəшəқəеи.
"Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьаз Тарас Шамба жьҭаара 13 рзы Москва акоронавирустә чымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Аурыс драматә театр Липецктәи афестиваль аҿы ахәаԥшцәа иддырбеит акомедиа "Кьоџьаа рҭыӡшәа", иара уаанӡа Иошкар-Олатәи афестиваль аҿы ицәырыргахьан.
Аҟәатәи амедицинатә коллеџь астудент Саида Гәлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи COVID-госпиталь аҿы лусура атәы.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҳәара ҵаҵӷәыс иамоуп ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара, COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара аизҳара.
Аԥсны афымцамчсистема ауадаҩрақәа амоуп аҳақәа ахьанҭара ду иахьаҵои авариақәа лассы-лассы иахьыҟалои азы. Аекспертцәа иазгәарҭоит аенергосистема аҳақәа назышьҭуа аобиектқәа рхархәара ииашаны ишьақәыргылатәуп ҳәа.
Аԥсны Апарламент адепутатцәа Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь иаҭааит жьҭаара 10 рзы. Убри ашьҭахь аҿкыра ԥхьаҟа аламырҵәаразы абжьгарақәа ҟанаҵеит.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.