Шәачатәи аӡбарҭа Аԥсны ахада ицхырааҩ Ахра Аҩӡба дарбаандаҩит
Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус хацнаркит аҳәаа изакәанымкәа ахысра афакт азы.
Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Краснодартәи атәылаҿацә иатәу Аҳәаахьчаратә усбарҭа Ахра Аҩӡба иганахьала ашьаус хацнаркит аҳәаа изакәанымкәа ахысра афакт азы.
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит традициала Лыхнашҭа еиҿыркаауа аҽаҩраныҳәа сынтәа апандемиа аамҭазы иаԥеиԥшхо атәы.
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбадахьеит 1 590-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 590-ҩык, 12-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Гал араион ԥасатәи ахада Ҭемыр Надараиа арадио Sputnik аефир аҟны абираҟ амца ацраҵара ахҭыс далацәажәо иазгәеиҭеит, ус еиԥш зхы иаҭәазшьаз Гал араион аҟны инхо иеилыркаатәуп иҟаиҵаз шхлымӡааху, закәанла дахьырхәтәуп, егьырҭ избо ус еиԥш рхаҿы имааирц уаҳа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа жьҭаара 5 инаркны акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа ралагаларазы ақәҵара инапы аҵаиҩит.
"Иаку абилеҭ" ала Аԥсны ақалақьқәа хәба - Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Гагра, Пицунда, Аҟәа - рахь аара хацыркын нанҳәа 5 рзы, ихыркәшахеит цәыббра 30 рзы.
Аҵара аминистрра адыррақәа рыла ареспубликаҿы ашколқәа хәбеи ахәыҷбаҳчақәа хәбеи акоронавирустә инфекциа алаҵәаразы акарантин рхыргарц иоушьҭуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент ажәалагала ҟанаҵеит Ҟарабахтәи аимак аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәарақәа Аҟәа имҩаԥгазарц азы.
Аҟәатәи автотранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ауаажәларратә транспорт аусуразы иалагалоу аԥҟара ҿыцқәа рынагӡара ахьынӡарылшо атәы.
Аԥсны афинансқәа рминистр Владимир Делба "Абаза-ТВ" аефир аҿы цәыббра 29 рзы иҳәеит жьҭаарамза инаркны Ареспубликатә СЕС аштат аизырҳаразы аԥаразоужьра шымҩаԥгахо.
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа зыԥсҭазаара иалҵыз апатриот ду Џьамалеҭҭин Арӡынба арадио Sputnik аефир аҟны дигәаларшәо иазгәеиҭеит уи ихшыҩ, иԥсҭазаара зегьы ижәлари Аԥсни ирыхәартә ишыҟаиҵаз.
Уаанӡа Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аԥшьаша, нанҳәа 27 ԥсшьарамшны ирыланаҳәеит, уи аԥсшьарамш ыиаган асабша, жьҭаара 3 рҟынтәи. Убри аан жьҭаара 3 усурамшхоны ишьан.
Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Аԥсны аиустициа аминистр аҳәамҭа ҟаиҵеит Апарламент иаднакылаз азаҭ азы ақәҵара инадҳәаланы дукатцәақәак ирыхьчо рзы амедицинатә ршаҳаҭга ԥаршеиқәа рыҟаҵара иашьҭалеит ҳәа.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.