Хынҭәба афестиваль "Раида" азы: ажәытә ҳашәақәеи ҳакәашарақәеи ҳмырӡроуп
Жәандәрыԥшьтәи афольклортә ансамбль "Ахымаа" асахьаркыратә напхгаҩы Хьымца Хынҭәба арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит афольклортә ансамбльқәа рфестиваль амҩаԥгара аҵакы, амилаҭ ахаҿра амырӡразы ажәытә ашәақәеи акәашарақәеи реиқәырхара шаҭаху.