Кәарацхелиаԥҳа "Кьоџьаа рҭыӡшәа" иазкны: ԥсшьарада аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы абҵара 8, 9, 15 рзы идырбахоит Карл Гальдони иҩымҭала ақәыргыламҭа "Кьоџьаа рҭыӡшәа". Аҽазыҟаҵарақәа шцо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ароль хада назыгӡо Аманда Кәарацхелиаԥҳа.