Кәыџԥҳа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы азҵаарақәа ахьынтәаарго еиҭалҳәеит
Аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы Аԥсны аабатәи ачемпионат аиҿкааҩцәа иреиуоу Дана Кәыџԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит азҵаарақәа реиқәыршәара ишазнеиуа.
Аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы Аԥсны аабатәи ачемпионат аиҿкааҩцәа иреиуоу Дана Кәыџԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит азҵаарақәа реиқәыршәара ишазнеиуа.
Актриса Аманда Кәарцхьиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит лдипломтә спектакль зызку, иалылхыз азанааҭ лҭаацәа шазыҟоу.
Аԥсуа телехәаԥшраҟны аусура дшалагз арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит ажурналист, адырраҭара "Аԥсуа цәа зху" амҩаԥгаҩ Есма Џьыкырԥҳа. Абҵара 6 рзы Аԥсуа телехәаԥшра аефирахь иҭыҵиижьҭеи 40 шықәса ҵуеит.
Ф-командак злахәу XXVI-тәи Аԥсны ашьапылампылтә чемпионат иалагоит абҵара 10 рзы.
Апрофессор, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алықьса Касланӡиа арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит арҵаҩра ада даҽа занааҭк шиҭахымыз. Алықьса Махаз-иԥа иахьа 80 шықәса ихыҵит.
Есышықәса Амԥараа аижәлантәқәа иазгәарҭо рныҳәа Аг-ных аҭоурыхи, иахьа ишазгәарҭо аҷыдарақәеи ҳзеиҭалҳәеит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа, сынтәа аныҳәа ахьазыҟарҵоз аҩнаҭа хаҭала иаҭааз, уи актәи ахәҭагьы зыблала избаз.
Аԥсуа абызшәа онлаин идзырҵо арҵаҩы, апедагогикатә институт аусзуҩ Аза Шамԥҳа арадио Sputnik аҿы лцәажәараҟны агәыӷра аалырԥшит апроект алҵшәа бзиа аанашьҭып ҳәа.
Арҭ амшқәа рзы аԥсуаа Мысра ҳәа изышьҭоу Египетынтә раԥхьаӡа акәны иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дааит Маана ирхылҵшьҭроу Муҳхамед Рауф Абаза, иԥшәмаԥҳәыс диманы. Урҭ дырԥылеит Sputnik ажурналист Сырма Ашәԥҳа. Ишәыдаагалоит лара иазлырхиаз аматериал.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.