Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит ашкол ахь ацара азин ҟалар, аҵаратә процесс шеиҿкаахо атәы
Аҟәа ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҿкычымазара иахҟьаны уажәтәи аԥкрақәа рыҿҳәара нҵәаны ашкол ахь ацара азин аныҟала аамҭазы, аҵаратә процесс шышьақәгылахо атәы.