Акоронавирус зцәа иалаз апациентцәа даҽа хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 9465-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 7196-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 136-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 9465-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 7196-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 136-ҩык.
Премьер-министр Эстонии Юри Ратас ну русском языке поздравил всех православных с Рождеством.
Читать дальше...Хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа ашықәсҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа Аԥсны ирхыргоит. Изеиԥшроузеи аҭагылазаашьа Тҟәарчал араион аҿы, ирацәаҩума аԥсшьаҩцәа рахьынтә мрагыларатәи ахәҭа алызхуа, абри атәы арадио аефир аҿы иҳәеит Тҟәарчал инхо, апацхақәа руак аиҳабы Ҭенгиз Џьынџьал.
Гагра акәша-мыкәша абнарақәа амца ркит хымш раԥхьа, анаҩс ахаша шьыжьнаҵы, ажьырныҳәа 6 рзы амца атрасса Ԥсоу - Егры ахь илбааит.
Адунеи дықәымзар ҟалап аӡәы, 2020 шықәсазы ачымазареи, ауадаҩрақәеи, аԥынгылақәеи, аԥкрақәеи зцыз аамҭан ҳәа зымҳәо, хымԥада саргьы уахь саҵанакуеит лҳәоит Sputnik аколумнист, акорреспондент Саида Жьиԥҳа. Аха убри аан иазгәалҭоит иҿыцыз арҿиаратә мҩагьы дшықәнаҵаз.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы иҟоу абна амцакрақәа ртәы.
Аоператә шәаҳәаҩы, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа диит Пицунда ажьырныҳәа 6, 1970 шықәса рзы.
Акыршықәса раԥхьа Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь наӡаӡа нхара ҳәа ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ , Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Есеф Ҳапат иаамҭанымкәа идунеи иԥсахит. Иҩыза гәыблыла дигәалаиршәоит Октаи Ҷкотуа.
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҟны еиҭалҳәеит жәлар рдунеихәаԥшышьаҟны ажәаԥҟақәа иааныркыло аҭыԥ, ҳмилаҭ рхы иадырхәоз ажәаԥҟақәа рҿырԥшқәа аалгеит.
Гагра араион аҟны ашьхара иахьаԥну амца акит ашьыжь, ажьырныҳәа 6 рзы. Уаанӡа Гал араион аҿгьы абнарақәа амца ркын.
Иҳаҩсыз 2020-тәи ашықәс шыуадаҩызгьы, хәарҭарас иалазгьы ыҟан. Sputnik Аԥсны аколумнист, арубрика "Жәлар рдоуҳа" азы анҵамҭақәа равтор Есма Ҭодуаԥҳа илгәалалыршәоит уи лшарақәас илнаҭаз ртәы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.