Аԥсны акоронавирус ҿыц издырбалаз 58-ҩык ыҟоуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11216-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8992-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 160-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11216-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8992-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 160-ҩык.
Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Ҭырқәтәыла аҭыжьра иалагоит. Арадио Sputnik аефир аҟны Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба еиҭеиҳәеит ҳдиаспора рхаҭарнакцәа ари ажәабжь шрыдыркылаз атәы.
Александр Анқәаб аԥыза-министр ажьырныҳәа 8 раахыс акоронавирустә инфекциаҟынтәи иҽихәышәтәуеит Урыстәыла Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ФМБА аҟны.
85 шықәса раԥхьа, ажьырныҳәа 25 1938 шықәсазы диит асовет поет, актиор, ашәақәа равтор, ашәаҳәаҩ Владимир Высоцки. Иара изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан. Sputnik ишәыднагалоит иара иԥсҭазаараҟынтәи иаагоу Аԥсны иадҳәалоу фактқәак.
Галтәи араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гамгьиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ачымазара ҿкы COVID-19 аарԥшразы анализқәа аԥара рыхшәаара аҭаху иаҭахму, убасгьы русураҟны ирԥыло ауадаҩрақәа ртәы.
Аԥсны ахада инапынҵала ареспублика араионқәа рҿы иаԥҵоуп аштабқәа, дара русура азырхоуп афымцамчхара ахархәара аиҵатәра 2019 шықәсазтәи арбагақәа рҟынӡа, хә-процентк ацҵаны.
Аԥсны иахьаҵанакуаз ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы абнарақәа рҟны абылрақәа рацәан, амцақәа рхы ркуан аамҭак иалагӡаны араионқәа зегьы рҿы.
Ажьырныҳәа 25 рзы Урыстәыла иазгәарҭоит астудент имш. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет астудент Лана Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит апандемиа аамҭазы аҵара шырҵо атәы.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11158-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8947-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 159-ҩык.
2020 шықәса рзы ареидқәа рымҩаԥгараан ашәҟәы иҭагалан 47557 амҩа-транспорттә еилагара.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Ҳалбад апандемиа иахҟьаны аҵаратә процесс аиԥҟьара харҭәаашьас иамоу азы арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит.
Аԥсны аенергоавариақәа реиҳарак мзызс ирымоу афымцацәаҳәақәа реидара хьанҭеи дара ражәреи роуп.
Хара имгақәа Апарламент ахь инашьҭхоит азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭа: закәаншьаҭада мегаваттк афымцамч ахархәаразы миллионки бжаки ахараԥса ашәаразы.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь азы иналукаашаз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.