Гагра араион аҟны абнаҿы амцакрақәа аҩнқәа рҟынӡа инаӡеит
Гагра ашьхара иахьаԥну амцарцәара иаҿуп амцарцәаратә машьынақәа хԥеи 11-ҩык амцарцәаҩцәеи.
Гагра ашьхара иахьаԥну амцарцәара иаҿуп амцарцәаратә машьынақәа хԥеи 11-ҩык амцарцәаҩцәеи.
Гагра араион аҟны амцакрақәа иҟарҵаз аԥхасҭеи, аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рзы ирҭааз асасцәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡои ртәы арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.
Премьер-министр Канады Джастин Трюдо поздравил христиан и католиков всего мира с Рождеством,
Читать дальше...Адгьыл шыҵысыз азгәаҭан Очамчыра араион Аҭара ақыҭа азааигәара. Абри атәы аанацҳауеит асеисмоҭагылазаашьа иашьклаԥшуа аинтернет-саит.
Ареспубликаҿы иҟаз амцакрақәа ырцәан, аха абнара ҭыԥқәак рҿы иазгәаҭоуп амцакра ҿыцқәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Акоронавирустә инфекциазы атест Александр Анқәаб изыҟарҵеит ԥхынҷкәын 29 рзы, адырҩаҽны ПЦР-тест аҭак ала еилкаахеит уи акоронавирус ицәа ишалоу, ажьырныҳәа 4 рзы иара Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа дҭашәеит.
Ажьырныҳәа 7 рзы Аԥсны аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит иахьатәи аамҭазы ареспубликаҿы аенергетика аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы аилацәажәара.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра аиҳабы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гәырам Амқәаб арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҵаратә процесс шымҩаԥысуа, арҵаҩцәеи астудентцәеи онлаин асистема рнапахьы аагара ахьынӡарылшаз.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы асоциалтә ҳақәа рҿы зхымҩаԥгашьа ԥшӡам аҿарацәа зну анҵамҭақәа лассы-лассы ицәырҵуа иахьалагаз зыхҟьаз, насгьы маӡала иҭыхны ауаа ирылазырҵәо ахьынӡаиашоу, иара убас аҿар рааӡара апроблемазы лгәаанагара лҳәеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ақьырсиантә тәылақәа зегьы рҟны иазгәарҭоит Қьырса аныҳәа ду амш. Аԥсуаа уи жәытәаахыс иазгәарҭон ақьырсиантә ҵасқәа рылагьы, иара убас ажәлар рхатә знеишьақәагьы рыманы. Абарҭ дырзааҭгылоит афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуа.
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ҳтәылауаа рахь аҳәара ҟарҵоит рынхарҭақәа рзааигәара аҳаскьын ҩа амца ацраҵара иаҟәыҵырц.
Аетнолог Валери Бигәаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ажәытәан аԥсуаа Қьырса иира амш ныҳәа шазгәарҭоз, насгьы уи иадырҳәалоз азгәаҭарақәеи ртәы.
Қьырса ныҳәа аҳаҭыр азы Аԥсны ауахәамақәа рҿы анцәаимҵаныҳәара иалагеит ажьырныҳәа 6 ахәылԥаз, асааҭ 22:30 рзы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.