COVID-19 зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11158-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8947-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 159-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11158-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8947-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 159-ҩык.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхыҩ Сергеи Габелиа диижьҭеи 82 шықәса ҵит ажьырныҳәа 23 рзы. Иара ҩажәа шыкәса инареиҳаны Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла напхгара аиҭон.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы аилацәажәара мҩаԥигеит ареспубликаҿы иҟоу аенергетикатә кризис иазкны.
Аҳәынҭқарратә наплакы "Аԥсныбылтәы" аиҳабы Рамаз Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 2020-тәи ашықәс ишҭысыз атәы.
Аԥсуара аныҟәгара, уи иаҵанакуа аҵасқәа рықәныҟәара уҳәа ртәы дазааҭгылоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.
Урыстәылатәи аладатәи арратә округ 500-ҩык аррамаҵзурауаа аконкурс актәи аетап аҽалархәразы аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит акарантинтә режим ақәныҟәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы имҩаԥысуа агәаҭарақәа рылҵшәа атәы.
Владимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит ажьырныҳәа 23 рзы, иара игәалашәара иазкуп апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иазирхиаз иахьатәи ианҵамҭа.
Атәыла ахада араионқәа реиҳабацәа дҵаны рҿаԥхьа иқәиргылеит мчыбжьык иалагӡаны афымцалашара ахархәара аларҟәразы иҟоу апроблема ӡбахарц.
Аԥсны араионқәа зегьы рҿы иаԥҵоуп аштабқәа, урҭ русура афымцамч ахархәара аиҵатәра иазырхоуп.
2020 шықәсазы Россотрудничество ахаҭарнакрала Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалеит 50-ҩык Аԥснытәи абитуриентцәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ахәаша, ажьырныҳәа 22 рзы атәылаҿы ишьақәгылаз афымцамчтә кризис азҵаарақәа ирызкыз аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа ақалақь ахадара агәыбзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит анализқәа ахьрырҭо аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара аҵҵареи, аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы аҭыԥқәа рацҵаразеи аҳҭнықалақь ахада идҵа анагӡара аус шцо атәы.
Ииасыз ашықәс азы ишьақәыргылаз ахныҟәгаратә минимум иаҿурԥшуазар, сынтәатәи 4,6 процент рыла еиҳахеит.
Аԥсны атуризм азы аминистрра ареспублика атуристтә бренд алоготип азы амакетқәа ралхразы ирыланаҳәаз аицлабра афинал ахь х-усумҭак неит, аусбарҭа асаит аҟны абжьыҭара алҵшәақәа рыла.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.