Аԥсны 122 коронавирус хҭыс ҿыц аарԥшуп иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10608-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8224-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 152-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 10608-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8224-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 152-ҩык.
Галтәи ателехәаԥшра аԥсуа редакциа акорреспондент Зита Сабекьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥсуа нҵамҭақәа реиқәыршәара аус шеиҿкаау атәы.
Апандемиа аамҭазы Қьырса иӡӡаахра амш аҽны зыҽӡаазхыр зҭаху ус еиԥш алшара роуама, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Каман иҟоу Аԥшьа Иоанн Ахьҿы иуахәама амҵаныҳәаҩ аигумен аб Игнати Киут.
Ҭаацәаныла аԥсшьаразы аотельқәа рҿы иазԥхьагәаҭахоит "зегьы алоуп" захьӡу аҭырқәа формат.
Рустам Амԥар – жәларбжьаратәи акласс иатәу аспорт азҟаза, Урыстәыла ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аиааиҩы, Европеи адунеии рҟны ақәыԥшцәа рыбжьара аиндаҭлара аԥхьахә згахьоу, адунеи Ахраҿа занашьоу, Иван Иарыгин ихьӡ зху аиндаҭлараҿы Гран-при занашьоу.
Ажьырныҳәамза 18 рзы лиубилеи азгәалҭоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, ахореограф, акәашаратә школ "Абаза" аиҳабы Циала Ҷкадуаԥҳа. Арадио Sputnik аефир аҿы лара еиҭалҳәеит ҳамҭа дус лыԥсҭазаараҿы илыԥхьаӡо, насгьы хореографк иаҳасабала лышьақәгылара шыҟалаз атәы.
Ажьырныҳәа 18, 1956 шықәса рзы диит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Циала Иван-иԥҳа Ҷкадуа. Уи лиубилеи аҽны илызку анҵамҭа ҳадылгалоит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.
Абыржәтәи аамҭазы Александр Анқәаб иҭагылазаашьа бааԥсуп ҳәа азырԥхьаӡоит аҳақьымцәа.
Аҟәа иҟоу акрыфарҭа ABURGER аиҳабы Лолита Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥкрақәа ралагалара русураҿы ицәырнаго ауадаҩрақәа ртәы.
Урыстәылатәи арратә медусзуҩцәа Аԥсны иаарту COVID-19 змоу апациентцәа рыдкылара иазырхоу амобилтә госпиталь аҟны аус шыруц ируеит.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ажьырныҳәа 11-17 рзы иҟалаз иналукааша ахҭысқәа реизга.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.