Акоронавирус зцәа иалаз хҩык апациентцәа ԥсит Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҿы
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27037-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 22057-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 410-ҩык.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27037-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 22057-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 410-ҩык.
Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Даур Ферзба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араионтә школқәа рҟны аҿкы азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, дазааҭгылеит иахьазы шаҟаҩы ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ачымазара рыдбалоу рхыԥхьаӡара.
Уаанӡа ари амедусбарҭа аҳақьым хадас дыҟан Георги Кәартаа, зхатәгәаԥхарала ари аҭыԥ нзыжьыз.
Гагра араиони Гәдоуҭа араион ахәҭаки цәыббра 22 азы лашарада иаанхеит астанциа маҷ "Бзыбь" аҟны иҟалаз авариа иахҟьаны.
Цәыббра 22 рзы, 30 шықәса раԥхьа Аԥсны имҩаԥысуан Иреиҳау Асовет ахь алхрақәа. Ари ахҭыс бзиаӡаны игәалашәоит Ахьтәы Парламент адепутат Давид Ԥлиа, уи игәалашәарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Леон Қриа-Ҭаниа ихәышәтәра изаамҭанытәиу акурс амҩаԥгаразы иаҭахны иҟоуп 250 000 мааҭ.
Азинеилагаҩ хәышықәса аҭакреи шәнызқьмааҭ рҟынӡа ахараԥсеи иқәырҵыр алшоит.
Астанциа маҷ "Бзыбь" аиҭашьақәыргылара Аинвестпрограммала 2020-2022 шықәсқәа рзы имҩаԥыргараны иҟоуп.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи азин аҭоуп Аиааира амш аламҭалазы ашәқәа аанартырц. Еиҿкаахо аекскурсиақәа, урҭ рхықәкы, иззырхоу ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит амузеи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳаи амузеи аусзуҩ Геннади Ҵлаииеи.
Ахатәыҩны амца акит ҳәа Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аҭел иасит цәыббра 22 асааҭ 03:39 азы.
Иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 80 шықәса ихыҵуазаарын Аԥсны Жәлар рпоет, апрозаик, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡареи занашьаз Витали Амаршьан. Уи игәалашәара иазку анҵамҭа азирхиеит Анатоли Лагәлаа.
Аԥхынтәи аамҭазы аҳәаа иахысуа атранспорти ауааԥсыреи ԥшьынтә рыла еиҳауп аушьҭырҭатә ҭыԥ алшарақәа раасҭа.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иаашьҭын акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы ақәԥараҿы ацхыраара аҟаҵаразы нанҳәа 18 рзы.
Амилаҭтә оператә ԥхьахә "Онегин" абҵара 11 2021 шықәсазы фынтәны анашьара мҩаԥгахоит Санкт-Петербург.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ахьымҩаԥыргаз ирықәыӡбны.
Аԥсуа бызшәа апроблема иалацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥгаз астол гьежь аҟны. Уаҟа иззааҭгылаз азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩ Владимир Занҭариа.
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 54-тәи рраунд азԥхьагәаҭоуп 2021 шықәса жьҭаара 12-13 рзы.
Аԥсны баџьда иазыҭиз 70 000 тонна абылтәы, нанҳәамза анҵәамҭазы иныхын ҳәа иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.