Акоронавирус зцәа иалаз хҩык апациентцәа ԥсит Аԥсны амедусҳәарҭақәа рҿы
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 540-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 126-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы атестқәа арҭеит 540-ҩык Аԥсны ауааԥсыра, урҭ рахьтә 126-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақалақь аҟны ашьапылымпыл асырҭа маҷ шеиҭашьақәдыргыло атәы.
Манана Делԥҳа 2018 шықәсазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩыс Апарламент аҿы далхын, жәашықәса аҿҳәара лыманы.
Астанциа маҷқәа "Очамчыра-2", "Мықә", "Кәачара" дырцәоит аҩаша цәыббра 28 рзы.
Ашәахьа цәыббра 27 рзы Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы амашәыр ҟалеит ҳәа адырра ҟаҵан 15:17 рзы.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҟны Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 28 шықәса ахыҵреи Аҟәа ахақәиҭтәра амши разгәаҭаразы аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит.
Цәыббра 27 Аҟәа ахақәиҭтәра иамшуп. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Борис Саџьаҭиԥа, Нанули Минаиаԥҳа, Емма Инаԥшьԥҳа иргәаладыршәеит аибашьра иадҳәалоу ахтысқәа, Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара.
2005 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы шьаҭаркуижьҭеи 30 шықәса ҵит. 1991 шықәса цәыббра 27 аҽны Владислав Арӡынба зхадараҿы дгылаз Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит ақәҵара аҳазалхратә усбарҭа аартразы.
Леон иорден занашьоу, ахы иақәиҭны ақәԥара аҿар азыҟазҵо, СССР аспорт азҟаза Џьон Партанаӡе арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит аибашьра ахҭысқәа.
Аԥсны АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы амҩатә машәыр ҟалеит ҳәа адырра ҟаҵан цәыббра 27 асааҭ 00:58 рзы.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов арҭ амшқәа рзы ихы рылаирхәоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игоу Аиааира иазку аусмҩаԥгатәқәа жәпакы.
Цәыббра 27 1993 шықәсазы аԥсуа ар Аҟәа агәахьы инеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ "Аминистрцәа реилазаара" ахыбра иахадыргылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса ҵит. 1991 шықәса цәыббра 27 аҽны Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба иқәҵарала иаԥҵан аҳазалхратә усбарҭа.
Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы ажәылара хацыркын 1993 шықәса цәыббра 16 азы. Цәыббра 27 азы Аԥсны аҳҭнықалақь аҟынтәи ақырҭуа мпыҵахалаҩ далцан.
Ақыҭаҟны ахәышҭааарақәа реиқәырхареи аԥсҭазаара арҿиаразы иҟаҵатәуи, ахныҟәгаразы лшарас иҟоуи, анхаҩы иԥынгылоу ауадаҩрақәеи уҳәа ирызкуп арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа- нхарҭа ҭыԥуп". Уи далахәын Аҷандара инхо, ԥасатәи ақыҭа ахада Мурадин Аџьба.
Аахыҵ Уаԥстәыла аделегациа Аԥсныҟа иааит ареспублика Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа азгәаҭара рҽаладырхәырц.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит цәыббра 20-26 рыҩныҵҟа имҩаԥысыз иналукааша ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.