Аԥсны иаарԥшуп 116 акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27153-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 22107-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 410-ҩык.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27153-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 22107-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 410-ҩык.
Бзыԥҭатәи абжьаратә школ ааӡаратә ҟәша аиҳабы Анжела Барганџьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭалҳәеит аҳаблаҟны Ахьӡ-аԥша амузеи аиҿкаара лгәы ишҭоу.
Ԥхынгәымза алагамҭеи анҵәамҭеи рзы Аԥсны амшцәгьақәа иҟаз ирыхҟьаны аҩнқәеи аргыларақәеи акыр ааха рнаҭеит.
Цәыббра 19 рзы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рхы рыладырхәит Аԥсны ауааԥсыра 14 нызқьҩык инарзынаԥшуа.
Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит амаҵурауаа рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи рзы адекларациақәа рхарҭәаара азҵааразы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган усутә визитла Москва дыҟоуп. Лкомандировка аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла ахада Иусбарҭа, Аекономикатә ҿиара аминистрра, Аенергетика аминистрра, "Газпром" рҟны аиԥыларақәа мҩаԥылгеит.
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" азакәан амчра аиуит ԥхынгәы 1 азы.
Глемпинг - ԥсшьара хкуп, аԥсабараҿ аҭагылазаашьа бзиақәа зегьы ахьаԥҵоу аԥсшьарҭаҭә сасаирҭа маҷқәоуп.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә хеилак ҳџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Ҭырқәтәылеи Аԥсни иҟоу аҿар реимадаразы имҩаԥырго апроект атәы, еиҭеиҳәеит, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы ицо аусура атәы.
2020 шықәсазы аекономикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны ареспубликаҿы аамҭала иаанкылан аҳәынҭпрограммақәа ҩба: "Аԥсны Аҳәынҭқарра хаз игоу атәылауаа ркатегориақәак нхарҭала реиқәыршәара ", "Анхарҭа-2021".
Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша Гагра аус ауеит аԥхынтәи аамҭазы аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рыдкылареи рыҭареи иара убасгьы атуристцәа ацхыраара рыҭареи рзы.
Хашҭа ақыҭа уаанӡатәи ахада атәым мазара ахьитәитәыз азы ахара ихараҵаны 12 шықәса ихақәиҭра далхәыдартәыр ҟалоит.
Афон Ҿыц, аԥҟақәа зҭоу аӡҭачаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит цәыббра 23 азы.
Иабанӡаныԥшуа ҳекономика абылтәы азы аквота ҿыцқәа рышьақәыргылара, абылтәы-кризис алҵраҟны иабанӡацхыраагӡахо, абри азы игәаанагара иҳәеит аекономикеи азини ринститут адиректор Заур Шьалашьаа.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Габриел Пацуриа изы 160 миллион мааҭ аизгара рыланаҳәеит.
Акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп гәдоуҭатәи аҩбатәи абжьаратә школ арҵаҩцәа быжьҩыки аҵаҩцәа 19-ҩыки.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.