Занҭариа: амаҵура иашьҭоу ачынуаҩ, аҳәынҭқарра абызшәа шныҟәигара дазхәыцроуп
Аԥсуа бызшәа апроблема иалацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥгаз астол гьежь аҟны. Уаҟа иззааҭгылаз азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩ Владимир Занҭариа.