Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 153-ҩык акоронавирус рыдырбалеит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 17197-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15438-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 245-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 17197-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15438-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 245-ҩык.
Аԥсны акурорттә сезон иасакьаҳәымҭоуп. Атуристцәа бзиа еицырбо амшын, аҭыԥ ԥшӡарақәа, аԥсшьаҩцәа - абарҭ зегьы Sputnik Аԥсны афотолентаҿы.
Зыҳаракыра 55 метра иҟоу, 144-ҩык ауааԥсыра зкуа анаԥшы-ааԥшырҭатә барбал аадыртит Гагра асабша рашәара 26 рзы.
Гәылрыԥшь араион ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, аушьҭымҭацәа рыбжьара иҟоума медалла иалго, сынтәатәи аҵарашықәс алҵшәақәа ртәы.
Ацәыргақәҵахь инагахоит ахатәы коллекциақәа рҟынтәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәеи Аԥсны иадҳәалоу аҭыхымҭақәеи.
Аԥсуа ҟазацәа русумҭақәа ахатәы коллекциаҿы иҟоу раԥхьаӡа акәны еиццәыргахоит. Ацәыргақәҵа акуратор Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит апроект ахықәкы атәы.
Амцакра ҟалеит ашьыжь асааҭ быжьба рзы зымчхара 32 мегаватт иҟоу афымцастанциа маҷ "Очамчыра–А́хага" аҿы, уи иахҟьаны араион ақыҭақәа хәба лашарада иаанхеит. Уажәы уахь аамҭалатәи асхемала алашара роуеит.
Асоциалтә проектҩразы атренинг мҩаԥысит аԥснытәи аҿар рзы. Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит урҭ адыррақәа хархәашьас ирыҭахо.
Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵоит ареспубликаҿы акоронавирус аҽшарҭбаауа, Аоперативтә штаб, Апарламент адепутатцәа, Ауаажәларратә палата рхаҭарнакцәа атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵоит антиковидтә уснагӡатәқәа рыӷәӷәазарц.
Ареспубликаҿы акоронавирус еиҳа-еиҳа ишалаҵәогьы, алаҵаҟаҵара макьаназ ишьшьылаҳаны имҩаԥысуеит.
Ироуз аппарат ҿыц иалшоит ауаҩы ицәеижь аҿы 700 рҟынӡа хәшәи зқьы инареиҳаны анаркотикатәи апсихотроптәи маҭәашьарқәеи рыҟазаара агәаҭара.
Иахьатәи аӡеиԥҟьара ақалақь аҿы уаанӡа иазԥхьагәаҭаз аремонттә усурақәа ирыдҳәалаӡам.
Зымчхара 32 мегаватт иҟоу афымцастанциа маҷ "Очамчыра–А́́хага" аҿы амцакра ҟалеит ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит рашәара 29 асааҭ 07:03 азы.
Аԥсны Адукатцәа рпалата ахантәаҩы Константин Чагәаа арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны адукатцәа рзинқәа азинхьчаратә усбарҭақәа рхы шрыладырхәуазы атәыла ахада иахь иҟарҵаз адырра ахҳәаа аиҭеит.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ԥас иҟаиҵаз Қьамал Арӡынба лаҵара 18 азы Аҟәа дыршьит. Ацәгьа иуит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ауаҩы дырбаандаҩуп.
Рашәарамзазы Ҟәбан аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩхо иалагеит акоронавирус иаиуз алаҵәара инадҳәаланы. Арегион амчрақәа атәылауаа хаз игоу ркатегориақәак хымԥадатәи алаҵаҟаҵара иаҵадыркит, идырӷәӷәеит атуристцәа аԥсшьараз раангыларҭақәа рҿы аԥҟарақәа.
Ашьаусҭҵааратә усбарҭақәа Аԥсны азакәанԥҵара иазыԥхьагәанаҭо аусҭҵааратәии апроцессуалтәии уснагӡатәқәа мҩаԥыргоит иахьатәи аамҭазы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.