Шәачеи Аԥсни атуристцәа рантиковидтә статус гәарҭо игәарымҭо еилкаахеит
Рашәарамзазы Ҟәбан аепидемиологиатә ҭагылазаашьа уадаҩхо иалагеит акоронавирус иаиуз алаҵәара инадҳәаланы. Арегион амчрақәа атәылауаа хаз игоу ркатегориақәак хымԥадатәи алаҵаҟаҵара иаҵадыркит, идырӷәӷәеит атуристцәа аԥсшьараз раангыларҭақәа рҿы аԥҟарақәа.