Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵыз 248-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 414-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 146-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 414-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 146-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Лариса Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашколқәа рҿы аԥышәарақәа шеиҿкаау атәы.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵара анагӡара ахылаԥшра рнапы ианҵоуп Афинансқәа рминистрреи, Акапиталтә ргылара аусбарҭеи.
"Агеографиатә обиектқәа рыхьӡқәа рзы" азакәан инақәыршәаны уаанӡа ари аус рнапы ианын Аминистрцәа реилазаареи Апарламенти.
Ачара аҵас иадҳәалоу ақьабзқәа рҟынтә амаҳә идҳәалоу аҵасқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа рыҽрыладырхәит зықьҩык инареиҳаны Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 150 ак аартә техника.
Аԥснытәи асасааирҭақәак рнапхгаҩы Адамыр Мықәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит COVID-19 аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа ишрықәныҟәо, ачымазара зцәа иалоу ҳәа агәҩара зызроуз рзы ирыдыркыло аԥкрақәа ртәы.
Аԥсны аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль аԥҵан 1931 шықәсазы. 1970 шықәсазы ансамбль "Зҽаԥсазтәыз" ҳәа ахьӡ ахҵан.
Аԥсны афымцалашара ахархәара киловатт-сааҭк азы 40 копеи иаԥсоуп. Ареспублика аекономика аминистрра анапынҵа аҭоуп мчыбжьык аҩныҵҟа ауалқәа "еилнаргарц".
2021 шықәсазтәи Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет иҳәынҭқарратәым АИХқәа рзы 3 600 000 миллион мааҭ азыԥхьагәанаҭоит.
Атуристтә дәыӷба "Шәача" амаршрут Тҟәаԥс - Шәача - Гагра 2020 шықәса нанҳәамза аахыс иныҟәоит.
Абџьар аныҟәгаразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц азакәан апроект аус адулан, Аԥсны аиҳабырагьы ирыдгалан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵала.
Дмитри Ԥлиа, Пицундатәи апансионат "Самшитовая роща" аҿы атуристцәа иреихсыз ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.
Зымчхара 32 мегаватт иҟоу афымцастанциа маҷ "Очамчыра–А́́хага" аҿы амцакра ҟалеит ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит рашәара 29 асааҭ 07:03 азы.
Аслан Бжьаниа Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аӡбра шьаҭас иҟаҵаны аусдҵа идикылеит.
Актуалра зцу аекономикатә проблемақәа ирылацәажәеит анаука-практикатә конференциаҿы. Аԥсны аекономикатә институт аиҳабы Заур Шьалашьаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аекономика аҿиара иаԥырхагоуи, урҭ апроблемақәа рыӡбаразы лкаас иҟарҵази ртәы.
Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациаҿ (АТОР) иазгәарҭоит иазхо анхарҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара ареспубликахь атуристцәа раара шааннакыло.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар инапынҵала ашәарҭадара аиҿкааразы иназыцҵоу ауснагӡатәқәа алагалоуп атуристцәа ахьынхо аобиектқәа рҿы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.