Аԥсны акоронавирус зыхьуа даҽа 45-ҩык рыцлеит иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15756-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15069-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 238-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15756-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15069-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 238-ҩык.
Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуеи, ажурналист, агазеҭ "Чегемскаиа правда" аредактор хада Инал Ҳашыги иалацәажәеит атәыла ахада инашьҭымҭа аҵакы, уи абжьажьра азакәан ахьынӡеиланаго.
Рашәара 10 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысит аԥсшәа змырҿио апроблемақәеи урҭ рыӡбашьеи ирызкыз Азеиԥшмилаҭтә лингвистикатә форум. Уи иаҭааз апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа абызшәа аҭагылазаашьазы игәаанагара ҳацеиҩишоит.
Урыстәыла Амш аҳаҭыр азы Кремльтәи ахан Ду аҿы имҩаԥысит 2020 шықәса рзы аҭҵаарадырреи атехнологиақәеи, алитературеи аҟазареи, азинхьчаратәи агәыҳалалратәи усуреи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиақәа ранашьара ацеремониа.
Иуксаль Ҷықьԥҳа (Сергьегьиаԥҳа) ԥшьышықәса ҵуеит Сҭампыл иҟоу Кавказ Адернеқьқәа руак аҿы еиҿкаау Аҳәса рхеилак напхгара алҭоуижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны дара имҩаԥыргахьоу ауснагӡатәқәа ртәы анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы, апоет, афилософ Фазиль Искандер икультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" 2021 шықәсазы ҩ-етапкны имҩаԥгахоит: рашәарамзеи жьҭаарамзеи рзы.
Афатә, ауҭраҭых хкқәак рыхә ацлара, абылтәы ахә аиҭакразы ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла, аусдкылаҩ Абессалом Кәарҷиа.
Акоронавирустә инфекциаҟынтәи алаҵаҟаҵаратә кампаниа Аԥсны иалагеит лаҵара 11 рзы. Ауааԥсыра ирыларҵоит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V".
Урыстәыла Амш азгәарҭо иалагеит рашәара 12 1990 шықәса раахыижьҭеи, уи аҽы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә суверенитет азы адекларациа рыдкылан.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.