Аԥсны асанитартә ҳақьым хада: Қырҭтәылантә аковид Аԥсныҟа иҭаргалоит ҳәа аҳәара ҵаҵӷәыдоуп
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27 нызқь иахысуеит. Ргәы бзиахахьеит 22107-ҩык ауааԥсыра, амедицинатә усбарҭақәа рыҟны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 410-ҩык.