Урыстәылатәи амобилтә госпиталь 70-ҩык инарзынаԥшуа ачымазцәа аднакылахьеит
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, акороначымазара зыхьуа ҳуааԥсыра рыцхырааразы, иара гылоуп Аҟәа асасаирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы. Нанҳәа 19 аҽны раԥхьатәи ачымазыҩцәа рыдыркылеит.