Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыҵниа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аԥхынтәи аусура иазкны
Атуристтә ныҟәарақәа ирыдҳәалоу аԥҟарақәа рырџьбарара, ашьхараҟны иӡыз атурист иԥшаара, амшынҭаларатә сезон ахацыркра ҳтәылаҟны иахьынӡазыҟаҵоу уҳәа еиуеиԥшым азҵаарақәа дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.