Акрыфара мацароуп: асасааирҭа "Аиҭар" аҿы зҽыԥхьазкуа аԥара зхыршәаатәны иҟоу
Facebook аԥсуа сегмент аҿы ицәырҵуа иалагеит ажәабжьқәа Аԥсны аҵакырахь иҭало реиҳараҩык асасааирҭа "Аиҭар" ахь аҽыԥхьакраз анеира иақәшаҳаҭым избанзар уа аҟазаара ахәԥса шәалатәуп ҳәа.