Акоронавирус хҭыс ҿыц ыҟам: аштаб Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа иахцәажәеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа иахьатәи амш азы акоронавирустә инфекциа COVID-19 зыхьыз хҩык ыҟоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа иахьатәи амш азы акоронавирустә инфекциа COVID-19 зыхьыз хҩык ыҟоуп.
СССР аамҭақәа раан, "ианузҳалак узакәхода" ҳәа ҷкәынак азҵаара иуҭар, дымхәыцӡакәа "скосмонавтхоит", ма "сԥырыҩхоит" ҳәа аҭак уиҭон. Ари азанааҭ иахьагьы бзиа избо рацәаҩуп. Убарҭ дреиуоуп Саида Жьиԥҳа иахьа зҭоурых ҳадылгало аԥырҩы, алеитенант еиҳабы Аинар Сергьегьиа.
Мшаԥымза 12, 1961 шықәса раԥхьаӡа ауаҩы акосмос ахь дыԥрит. Ари акрызҵазкуа ашьаҿа егьа аамҭа царгьы илегендахаз асовет ԥырҩы Иури Гагарин ихьӡ иадҳәалазаауеит. Убри аамҭазы Москва аҵара зҵоз Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ари ахҭыс игәалашәараҿы ишынхаз ҳзеиҭеиҳәеит.
Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Дамеи Ҭыжәба арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты аҿагылараҟны уадаҩрақәас ирымоу атәы.
Аԥсны иалагалоу акарантин ҳауаажәлар ахьынӡазыхиоу, уи иахьынӡақәныҟәо азы лхатә азгәаҭарақәа ҟалҵеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Иаарласны Гал араион акарантин аҿы иҟоу гәыԥҩык ауааԥсыра рҽыԥхьакра аамҭа нҵәоит. Урҭ ргәабзиара зеиԥшроу, насгьы раамҭа шырхырго атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион ахада Омар Бганба.
Аира иасимволу акәтаӷьи амшаԥышәҭи рыла Аҩеиӡтә (Вербное - аред.) мҽышазы аԥсуаа имҩаԥырго Амшаԥныҳәа аламҭалазтәи аҵыхәтәантәи ақьабзқәа дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа лматериал аҟны.
Анасыԥ аиура, мамзаргьы, даҽакала иуҳәозар, аҭаацәара алалара иадҳәалоу хра злоу аԥсуа ажәлар разгәаҭарақәак ртәы ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.