Акоронавирус змаз раԥхьатәи ачымазаҩ ахәышәтәырҭа дылрыҩааит
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки авирус амазааразы атест иахысит ааҩык. Урҭ цәгьара рыдбалам.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки авирус амазааразы атест иахысит ааҩык. Урҭ цәгьара рыдбалам.
Аибашьҩы Азиз Агрба иҭоурых арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иԥҳа Леила, лара ԥшьышықәса лхыҵуан лаб аибашьрахь данцоз.
Аԥсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи, Аҳәынҭқарратә университети Аҟәатәи иаарту аинститути русура аанкылоуп лаҵара 4 рҟынӡа.
Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭақәа Аԥсныҟа иааит мшаԥы 18 рзы акоронавирус аҿагылараҿы ацхыраара аҟаҵаразы.
Хәажәкыра 28 инаркны мшаԥы 20 рҟынӡа Аԥсны акоронавирус аԥырҟәҟәааразы аҭагылазаашьа ҷыда алагалан.
Гәылрыԥшь араион ақыҭақәа Бабышьреи Уарчеи рхада Леван Ԥарулуа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟнытә" аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа ирыбзазашьоу.
Аԥсны ауааԥсыра атәанчахәқәа роуеит амза 18 инаркны, аха сынтәа ари арыцхә аԥсшьарамш иақәшәеит.
Акоронавирус апандемиа иазкны имҩаԥысыз Қырҭтәыла аԥыза-министри Европатәи акомиссиа ахантәаҩи рвидеоконференциаҿы иалацәажәеит "аоккупациа зызуу аҵакырақәа рҟны аҭагылазаашьа уадаҩ".
Гал араион аҿы акоменданттә сааҭ алагалан хәажәкыра 31 рзы, Гагра араион аҿы – мшаԥы 8 рзы.
Есымзатәи аграфик инақәыршәаны, аԥсуа тәанчахәы ауааԥсыра рбанк хсаалагақәа рахь иахырыԥхьаӡалоит амза 18 инаркны.
ААУ ауристтә факультет адекан Сергеи Смыр арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәыла ахадас иалху иҭоубашьҭаҵара Аԥсны Аконституциаҿы ишарбоу.
Ачымазара ҿкы акоронавирус зыхьуа ишиашоу ирымадаз ԥшьҩык амедикцәа акарантин рхыргарц иаарышьҭит Аҟәа иҟоу асасааирҭа "Аиҭар" ахь. Амедусзуҩцәа абра ҩы-мчыбжьа аҽыԥхьакра арежим иахысроуп.
Аԥсны илаганы, аҭра иҭаԥсаны акаҳуа зҭиуа ацех Coffee Rossi аиҳабацәа руаӡәк Расим Амқәаб еиҭеиҳәеит акаҳуа аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уи ахә ашьҭыҵра зыхҟьаз.
Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭантәи аԥстәқәа рпарк "Прайд" ахатәтәыҩцәа ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵеит аԥстәқәа фатәыла реиқәыршәараҿы ацхыраара рырҭарц.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.