Урыстәылатәи аруаа Гәылрыԥшь араион аҿы арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит
Урыстәыла Аԥсныҟа аҟазауаа аанашьҭит аԥыза-министр Валери Бганба Михаил Мишустин иахь мшаԥы 13 рзы иҟаиҵаз аҳәара аҭакс. Атехника ҷыда ареспубликахь иаашьҭуп аҩтәылак ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.