Аҭоурыхҭҵааҩ: Берлин агара рнапы ианын иреиӷьыз асоветтә архәҭақәа
Мшаԥымза 16, 1945 шықәса рзы ихацыркын Берлин агаразы ажәылара. 14 мшы рыҩнуҵҟа Ар Ҟаԥшь иалшеит ақалақь анапахьы аагара. Ари ахҭыс шыҟалаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых ҭызҵаауа Валикәа Ԥачлиа.