Џьапуа: аҭҵаарадырра уԥсҭазаараҿы иумнахуа маҷӡам, аха ҳҽазаҳамкыр азин ҳамам
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, аҵарауаҩ-афольклорист, апрофессор Зураб Џьапуа мшаԥымза 16 рзы 60 шықәса ихыҵит. Арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа еиликааит аиубилиар аҳамҭақәа рахьынтә зегь реиҳа еиӷьеишьо.