Аԥсны ААР ҳауаажәлар аарыԥхьеит акоронавирус ахьцәырҵыз атәылақәа рахь имцаларц
Адунеи зегьы акоронавирус иахьамҽханакуа инамаданы Аԥсны аҳәаақәа рҟны акарантин аԥҵахоит. Абри атәы иҳәеит ахада инапынҵақәа назыгӡо, аԥыза-министр Валери Бганба жәабран 26 рзы имҩаԥгаз аилацәажәараҿы.