Гогәуа: ҳауаажәлар ирацәаны ацхыраара рҭахуп, уи хәышықәса рыҩныҵҟа иаабеит
Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афонд аусура ахырхарҭа хада атәы.
Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афонд аусура ахырхарҭа хада атәы.
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, Доминика Ақырҭааԥҳа рышьра иалахәуп ҳәа хҩык аанкылоуп.
Амцарцәаразы уахь инашьҭын амцарцәагатә машьынақәа хԥа. Аҩны ауадақәа руак блит, егьырҭ еиқәырхан.
Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы Манана Арышԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит араион аҿы аҵара аусбарҭа иамоу ауадаҩра атәы.
Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" хәышықәса рыҩныҵҟа агәыҳалалратә хықәкқәа ирзынанашьҭит 55 миллион мааҭ.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 100-ҩык аруаа, жәабала арратә техника. Арахь иаҵанакуеит акәылӡымашьынақәа "Тигр-М" акәылӡытранспортерқәа БТР-82АМ.
Аҭаацәараԥҵаратә агентрақәа жәларбжьаратәи рымш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы гагратәи ақьаӷьариа Нанули Басныкԥҳа еиҭалҳәеит ари аус иацу акәамаҵамарақәа ртәы.
Аԥсны аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа далацәажәеит Урыстәылантәи иаарышьҭуа афымцалашара ахәԥсеи, иахьынӡаҳазхои ртәы.
Ииасыз аԥсшьарамшқәа раан аҳауа ахьшәашәара -7, -8 градус рҟынӡа илаҟәит. Ари амҩатә ҭагылазаашьақәа ишырнырыз, акоммуналтә маҵзурақәа русура шымҩаԥысуаз, аҵааркра ақыҭанхамҩа ианаҭо аԥхасҭа Sputnik Аԥсны аматериал аҿы.
Афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит жәлар рмедицина инақәыршәаны алаԥш заахаз ишырхырхырхуа аҭәҳәаҟаҵаҩцәа, даргьы ԥырхага рмоурц иҟарҵо атәы.
Аиԥылараҟны иара убасгьы ирылацәажәан Урыстәыла атәылауаа Аԥсны рмазара ахьчаразы акомиссиа аусура азҵаарақәа.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.