Џьениа: амшцәгьақәа раан Гагра аӡымҩангагақәа имаҷымкәа аԥхасҭа роуит
Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы аӡыи атранспорти рзы иҟоу аҭагылазаашьа атәы.
Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Владимир Џьениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы аӡыи атранспорти рзы иҟоу аҭагылазаашьа атәы.
Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ирҿиамҭақәа ирыԥхьоит аиҳабыратә абиԥара реиԥш, аҿаргьы. Апоет иажәеинраалақәа жәпакы ҳмилаҭтә литература иреиӷьӡоу аԥҵамҭақәа ирхыԥхьаӡалоуп.
Жәабран мза алагамҭазы амессенџьерқәеи асоциалтә ҳақәеи рҟны ицәырҵит еиуеиԥшым алаҳәарақәа амаҵзура Sputnik Аԥсни алоготипи ахархәара рыҭаны.
Ирина Дочиаԥҳа лӷьычреи Дмитри Озган ишьреи рзы аӡбраеиларгара хыркәшаны ажьырныҳәа 20 рзы, ахара зыдҵаз аҵыхәтәантәи ражәахә рҳәеит. Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахарадҵа рылаҳәара жәабран 24 рахь иианагеит.
Зылшарақәа ԥку ауаа рзы арадио хархәага бзиоуп, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны есымша азыӡырҩра бзиа избо Рауль Начҟьебиа. Аефир аҿы иаликааит дыззыӡырҩуа адырраҭарақәеи, аиҿцәажәарақәеи.
Владислав Арӡынба игәалашәара иазку карате кекусинкаи азы атурнир иалахәхоит 120 спортсмен, Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи.
Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр жәабран 13 ихыҵуазаарын 70 шықәса. Зыжәлари зыԥсадгьыли ирыхӡыӡаауаз, абааш иаҩызаз арҿиаҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы дигәаларшәеит Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.
Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа хәы-ҟәшак аманы, ԥшь-еихагылакны иҟалоит. Иаартхоит ареанимациа, ахирургиа, атравматологиа, аҿыцира, асоматикатә ҟәшақәа.
Ақыҭахь инеиз асапиорцәа аҭыԥ аҿы еиҵырхит акәалӡԥҽыга–агранатаршәга РПГ-7 ахысга.
Акультура –гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадимо Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ацқьа Евстафи ихьӡала Тҟәарчал ауахәама аргыларазы ирылаҳәаз атендер аҽҳәара ишацҵо.
Ҳаџьараҭ Адлеиба, аа-шықәса зықәҵаны зус ӡбаз, 2019 шықәса рашәарамза аахыс дыбналаны дыҟан.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.