Аӡынба ажь азы: шәы-хкык рҟынӡа акгьы ҳагым
Аҟәа араион Гәымсҭа ахықәан иҟоу аӡахәааӡарҭа аиҳабы Иури Аӡынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит шаҟа ӡахәа хкы рымоу, шаҟа шықәса рҟынӡа иаҳа ибзианы аӡахәа аҽаҩра унаҭо ртәы.
Аҟәа араион Гәымсҭа ахықәан иҟоу аӡахәааӡарҭа аиҳабы Иури Аӡынба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит шаҟа ӡахәа хкы рымоу, шаҟа шықәса рҟынӡа иаҳа ибзианы аӡахәа аҽаҩра унаҭо ртәы.
Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы аԥсуаа ирымоу аԥсшәаҳәашьа иазкны Sputnik аматериал азлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит афонд аусура ахырхарҭа хада атәы.
Иахьагьы аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны еиқәырханы ирымоуп абиԥарақәа зааӡахьо ажәытәтәи аԥсуа гарақәа. Аиқәырхара адагьы, асаби дгараҵаны дзааӡогьы макьана иуԥылоит. Агареи агарашәеи традициала рхархәашьеи урҭ ирыдҳәалоу ақьабзқәеи ртәы дазааҭгылоит афольклорист Есма Ҭодуа.
Аԥснытәи ахәынҭқарратә университет англызи анемеци бызшәақәа ркафедра алаборант, англыз бызшәа арҵаҩы Милана Касланӡиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит ААУ аҟны абызшәатә курсқәа раартра атәы.
22 шықәса зхыҵуа ашьапылампыласҩы Даур Кәакәасқьыр Красноиарсктәи "Енисеи" аҿы дыхәмаруеит. 12 шықәса ихыҵижьҭеи Урыстәылеи Европеи ркомандақәа жәпакы рзы дықәгылахьеит. Даур иаҳзеиҭеиҳәеит ишьапылампылтә ԥсҭазаара шалагаз, уадаҩрақәас иԥылоз, гәҭакқәас имоу уҳәа ртәы.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ешыратәи аԥсыжырҭаҟны ирбаз ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа IV-III ашәышықәсақәа аеллинтә аамҭа иаҵанакуа аԥшаахқәа ртәы.
Гагра ақалақь Акультура аҩны администратор, занааҭла иҭоурыхҭҵааҩу, аха ԥсабарала исахьаҭыхҩу, 40 усумҭа знапы иҵҵхьоу, ақәынҵеи ахаҳәи рҟны асахьа ҭызхуа Татиана Саноиан иаҳзеиҭалҳәеит лколлектив илырҭаз адгылара иабзоураны лхатәы цәыргақәҵа аиҿкаара дшазхәыцыз атәы.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.