Убириа Ауаажәларратә палата аусуразы: ихадоу ҳаӡбамҭақәа рынагӡароуп
Аԥсны Ауаажәларратә палата 35-ҩык алахәылацәа зегьы еилкаауп. Жәабранмза 20 рзы имҩаԥысуа рапҳьатәи аилатәараҿы деилкаахоит уи амаӡаныҟәгаҩгьы. Аамҭала амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даниил Убириа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит апалата аусура шеиҿкаахо.