Аргәын еиҭеиҳәеит "Ассир ҳамҭас" аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷқәа ԥстәқәас иззыҳәаз
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалазы имҩаԥырго акциа "Ассир ҳамҭас" аҳәаақәа ирҭагӡаны сынтәа аҳәыси аџьмеи ирыҳәаз ахәыҷқәа шыҟалаз атәы.