Дауҭиа иҳәеит Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа ахаҭарнакцәа Афон ҿыц ишаҭааз
Афон ҿыц ақалақь ахада Феликс Дауҭиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа ақалақь раҭаара атәы.
Афон ҿыц ақалақь ахада Феликс Дауҭиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсныи Урыстәылеи реиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа ақалақь раҭаара атәы.
Ашықәс ҿыц азтәи аныҳәақәа рымҩаԥгара аламҭалаз Аԥсны АҶА ауаа рацәа ҟалар ахьалшо аҭыԥқәа аинспекциа рызнауеит, амцаҽацәыхьчаратә ҭагылазаашьа зеиԥшроу гәарҭоит.
Акциа "Агәалашәара амҩа" мҩаԥгахоит Аԥсны араионқәа хԥа– Очамчыратәи, Гәылрыԥшьтәи, Аҟәатәи рҿы.
Аԥсны ихацырку "Агәалашәра амҩала" акциа шымҩаԥгахо, насгьы уи ахықәкы атәы еиҭалҳәеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы акциа адгылара азҭаз, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа.
Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа аӡбра амчра аиуеит ианрыларҳәа ашьҭахь, аха иара иреиҳаӡоу аӡбарҭатә орган – Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь иахашшар ҟалоит.
Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Славик Қәычбериа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анардқәа рзы атурнир шеиҿкаахо атәы.
Аишәатә ԥқьаҭымпыл азы Урыстәыла аԥхьахәгара иалахәын 20 команда, имҩаԥысуан Славианск-на-Кубани, ԥхынҷкәын 11 - 15 рзы.
Аԥсны ахадас зкандидатура ықәыргылаз Алхас Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дазашшит, АКХ иаднакылаз аӡбра иашам, азакәан шьаҭа амам ҳәа.
Акциа "Аҿар анаркотикқәа ирҿагылоуп" еиҿыркааит Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәшеи Россотрудничествеи.
Афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҟны еиҭалҳәеит адыди амацәыси рынцәахәы Афы икульт иазку аныҳәара атәы.
Урыстәылеи ИАР атәылақәеи рҟны каратэ шотокан азы ачемпионат "9th Christmas world cup" мҩаԥысит Москва, ԥхынҷкәын 14 - 15 рзы.
Афон ҿыцтәи аҳаԥы аныҳәамшқәа раан ауаа еиҳа ирацәаҩны иаҭаауеит аӡын егьырҭ амзақәа раасҭа.
Мы не навязываем Вам своё видение, мы даём Вам объективный срез событий дня без цензуры и без купюр. Новости, какие они есть — онлайн (с поминутным архивом по всем городам и регионам России, Украины, Белоруссии и Абхазии).
123ru.net — живые новости в прямом эфире!
В любую минуту Вы можете добавить свою новость мгновенно — здесь.