Ахба: аибашьра ашьҭахь слакҩакуан: атеатр акәу, амшын акәу схы ззыскша ҳәа
Ԥхынгәы 23, аамҭаказы, Аԥсны арратә-амшынтә флот амш ҳәа иазгәарҭон. Аибашьраан имшынуаҩхаз, иахьа аԥсуа драматә театр актиор Лаврик Ахба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәалаиршәоит Аџьынџьтәылатә еибашьраан амшынаҿ имҩаԥысуаз ахҭысқәа.