Ҷыҭанаа: ауааԥсыра иҭакны ирымоу абнатә ԥсҭәқәа ишахәҭоу еиԥш ахылаԥшра рымам
Аԥсшьаҩцәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рахь радыԥхьаларазы ауааԥсыра иҭакны ирымоу аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рҭагылазаашьа, насгьы изакәанума ус еиԥш ахныҟәгара абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.