Гәниа: Аиааира анҳау ауп Ахьыԥшымрагьы анҳау, урҭ акны иҟоуп
Жәлар реизара адепутатцәа ирыдыркылеит аӡбамҭа, цәыббра 30 - Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ныҳәа ҳәа ахьыӡҵаразы. Избан ус еиԥш агәаанагара зцәырҵыз, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар реизара адепутат Илиа Гәниа.